"Қырҭтәылатәи аҳаирбаҕәазақәа реидгыла"  Қәҭешь — Венециа — Қәҭешь амаршрутла авиабилетқәа рырхәмарра мҩаҧнагоит
"Қырҭтәылатәи аҳаирбаҕәазақәа реидгыла"  Қәҭешь — Венециа — Қәҭешь амаршрутла авиабилетқәа рырхәмарра мҩаҧнагоит

“Қырҭтәылатәи аҳаирбаҕәазақәа реидгыла”  Қәҭешь — Венециа — Қәҭешь амаршрутла авиабилетқәа рырхәмарра мҩаҧнагоит. Архәмарра мҩаҧгахоит Қәҭешьтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәаза аофициалтә даҟьаҿы Instagram  аҿы — Kutaisi_airport.

Архәмарра аҽалархәра рылшоит  Қәҭешьтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәаза Instagram-аккаунт  иалахәы,  18  шықәса зхыҵхьоу атәылауаа.

Архәмарра аҭагылазаашьақәа инрықәыршәаны, ҧхынҷкәын 25 асааҭ  14:00 рзы  Kutaisi_airport адаҟьаҿы азҵаара иқәдыргылоит. Ииашаны аҭак ҟазҵо атәылауаҩ, иҩыза диманы,  Венециаҟа ддәықәлоит  2026 шықәсазы. Аиааирагаҩы абилетқәа иоуеит аҧырра арыцхә ада.

Қәҭешь  – Венециа ахырхарҭа ҿыц ала аҧыррақәа  иалагеит ҧхынҷкәын 2 инаркны. Ишиашо ареисқәа мҩаҧысуеит мчыбжьыкахь ҩынтә.