Қырҭтәылаҟа иааргоит акоронавирус аҽыхьчаратә ҩ-вакцинак   - аилахәыра  AstraZeneca авакцинеи китаи иҟаҵоу авакцинеи
Қырҭтәылаҟа иааргоит акоронавирус аҽыхьчаратә ҩ-вакцинак   - аилахәыра  AstraZeneca авакцинеи китаи иҟаҵоу авакцинеи

Қырҭтәылаҟа иааргоит акоронавирус аҽыхьчаратә ҩ-вакцинак   – аилахәыра  AstraZeneca авакцинеи китаи иҟаҵоу авакцинеи

Аинфекциатә чымазарақәа рцентр агенералтә директор Ҭенгиз Церцваӡе иҳәамҭала, Қырҭтәылаҟа аагаразы ҩ-вакцинак ирылацәажәоит, урҭ руакы Китаи иҟаҵоуп.

«Формула», иеиҭаз аинтервиу аҿы Церцваӡе ишиҳәаз, китаитәи авакцина адунеи аҿы ареитинг ду амоуп.

«Ҩ-вакцинак раагара ҳалацәажәоит  — AstraZeneca-и китаитәи авакцинеи. Китаи 5 вакцинак рымоуп, урҭ руакы ауп ҳазлацәажәо.  Адунеи аҿы ари авакцина ареитинг ду амоуп.  Ишыҟазаалакгьы, ари авирус дара рҿы ицәырҵит, дара роуп зегьы реиҳа ибзианы издыруа акоронавирус аилазаашьеи аҷыдарақәеи.

Китаитәи авакцина зегьы реиҳа алҵшәа ахылҵыр уамашәа избом. Дара аамҭа рацәаны ирыман. Насгьы, ишырҳәо ала, акитаицәа  заанаҵы ирдыруан ари авирус шыҟоу, кыраамҭа авакциан аус адырулон. Убри аҟынтә, китаитәи авакцина атәамбара ииашам ҳәа сгәы иаанагоит», — иҳәеит Ҭенгиз Церцваӡе.