Қырҭтәыла Жәлар рыхьчаҩ – Урыстәыла Қырҭтәыла атәылауаҩ ишьразы аҭак аҧхықәуп
Қырҭтәыла Жәлар рыхьчаҩ – Урыстәыла Қырҭтәыла атәылауаҩ ишьразы аҭак аҧхықәуп

Урыстәыла Қырҭтәыла атәылауаҩ ишьразы аҭак аҧхықәуп,  избанзар,  Урыстәылоуп импыҵахалоу аҵакырадгьыл иахылаҧшуа, — иануп Қырҭтәыла Жәлар рыхьчаҩ иофис иаланарҵәаз аҳәамҭаҿы.

Аомбудсмен  Қырҭтәыла анапхгареи,  иара убас,  жәларбжьаратәи азинхьчаратә аиҿкаарақәеи,  амониторингтә аиҿкаарақәеи рахь ааҧхьара ҟаиҵеит зыӡбахәы ҳәоу афакт алҵшәала аилыргареи,  ацәгьауцәа рхьырхәреи,  Урыстәыла аҭакҧхықәра адҵареи еиқәдыршәарц.

Қырҭтәыла атәылауаҩ Ҭемур  Карбаиа Гал араионаҿ аҭыҧантәи амилициа аусзуҩцәа дыршьит. Уажәазы иҟоу аинформациа инақәыршәаны,  иара ахәышәтәырҭашҟа даннарга дыҧсит.

«Рыцҳарас иҟалаз,  ампыҵахалатә режим ҧшьҩык Қырҭтәыла атәылауаа рышьразы уажәгьы ахьырхәра рмоуӡацт. Иара убас,  импыҵахалоу  Кирбали ақыҭа иазааигәаны уажәааны Қырҭтәыла атәылауаҩ ишьра афактгьы еилыргам. Абри аҩыза ацәгьаурақәа рпревенциазы аҵакы ду амоуп жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи жәларбжьаратәи ауаажәларреи рылахәызаара,  избанзар,  ахьырхәрадара амшала Қырҭтәыла атәылауаа рыҧсҭазаара есымша ашәарҭара иҭагылоуп», — иануп Қырҭтәыла Жәлар рыхьчаҩ иофис аҳәамҭаҿы.