Қырҭтәыла китаитәи алаҵа «Sinopharm» 100 000 доза аиуит. Аҳаирплан ҷыда Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазаҿ тәеит. Алаҵақәа ҵәахтәуп +2, + 8 градус атемператураҿ.
Алаҵа Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи еиҿкаара авторизациа макьана амаӡам, аха европатәи атәылақәа рыбжьара “Синофарм” ала авкцинациа Венгриаҿ иалагеит, алаҵа азхаҵара аиуит Венгриа иашьашәалоу аорган аҟынтә. ырҭтәыла Агәабзиарахьчара аминистрра аинформациа ала, ари алаҵа аҟаҵара рылшоит 55 шықәса еиҳаны изхыҵуа атәылауааи амедперсонали.