Қырҭтәыла иҟоу Украина атәылауаа хәыҧсада амедицинатә маҵзура роуеит
Қырҭтәыла аиҳабыра рыӡбарала, Қырҭтәыла иҟоу Украина атәылауаа хәыҧсада амедицинатә маҵзура роуеит. Ари атәы аарыцҳаит Қырҭтәыла агәабзиарахьчара аминистрра аҟынтә.
Украина атәылауаа рзы аус ауеит ацәаҳәа ҷыда 144 — 3.
Ацхыраара роуеит Қырҭтәыла иҟоу аукраин туристцәагьы.