Қырҭтәыла иҟалаз адгьылҵысра аепицентр Дманиси иазааигәан, адгьылҵысра  5.3 магнитуда амч аман
Қырҭтәыла иҟалаз адгьылҵысра аепицентр Дманиси иазааигәан, адгьылҵысра  5.3 магнитуда амч аман

Қырҭтәыла иҟалаз адгьылҵысра аепицентр Дманиси иазааигәаны, Ирганчаи ақыҭаҿ иҟан.

Ари аинформациа аланарҵәеит Асеисмологиатә мониторинг амилаҭтә центр. Ацентр аинформациала, раҧхьатәи адыррақәа рыла, адгьылҵысра 5.3 (ML) амч аман.

Адгьылаҵантәи аахақәа ҟалеит асааҭ 23:35 рзы.