Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы атәыла-кандидат статус анашьоуп
Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы атәыла-кандидат статус анашьоуп

Европатәи ахеилак аӡбарала Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы атәыла-кандидат статус анашьоуп.

Ари атәы “Твиттер” аҿы ааицҳаит Европатәи ахеилак ахада Шарль Мишель.

„Европатәи ахеилак  Украинеи Молдовеи ралаларазы аиҿцәажәара алагара иазку аӡбара аднакылеит. Европатәи ахеилак аӡбарала Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы атәыла-кандидат статус анашьоуп, иара убас Евроеидгыла Босниа-Герцеговинаҟны алаларазы аиҿцәажәарақәа иалагоит акритериқәа рышьашәалазаара аҩаӡара аҳаракра ашьҭахь, ари азҵааразы акомиссиа хәажәкыранӡа аҳасабырба дырмазеироуп. Рыжәлари ҳконтиненти рзы агәыӷра ҳазҭо сигналуп”, – иҩит Шарль Мишель.

Еврокомиссиа Қырҭтәыла акандидат тәыла астатус анашьаразы арекомендациа ҟанаҵеит абҵара 8 рзы.

“Ақырҭуа гәахәтәы” ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе 2022 шықәса хәажәкыразы иҟаиҵаз аҳәамала, Қыртәыла акандидат статус аиуразы Еврокомиссиа адҵаалеит. Хәажәкыра 3 рзы Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили аофициалтә арзаҳал инапы аҵаиҩит.