Қырҭтәыла даҽа дгьылҵысрак ҟалеит
Қырҭтәыла даҽа дгьылҵысрак ҟалеит

Қырҭтәыла, асааҭ 03:35 рзы даҽа дгьылҵысрак ҟалеит.

Аепицентр уажәгьы Самеба ақыҭаҿ иҟан.

Асеисмологиатә мониторинг азы ацентр аинформациа ала, адгьылҵысра 3.5 амагнитуда амч аман.

Жәабран 13 рзы, қарҭтәи аамҭала асааҭ 22.25 рзы,  6,2 амагнитуда амч змаз адгьылҵысра ҟалеит. Аепицентр Самеба ақыҭа иазааигәан. Адгьылҵысраан Дманиси амуниципалитет иаҵанакуа Шахмарло аҿы аҩны ҭӡык еилаҳаит, қыҭақәак афымцалашарада аанхеит.