Қырҭтәыла бусҭердоза аҟаҵара хымз  рышьҭахь иҟалоит
Қырҭтәыла бусҭердоза аҟаҵара хымз рышьҭахь иҟалоит

Қырҭтәылa импыҵaхaлоу aтерриториaқәa рҟынтә ихҵәоу aуaaҧсыреи, aџьеи, aгәaбзиaреи, aсоциaлтә хьчaреи рминистрра аӡбамҭа инақәыршәаны, Қырҭтәыла бусҭердоза аҟаҵара хымз рышьҭахь ҟалоит.

Ари атәы аалыцҳаит Қырҭтәылa импыҵaхaлоу aтерриториaқәa рҟынтә ихҵәоу aуaaҧсыреи, aџьеи, aгәaбзиaреи,
aсоциaлтә хьчaреи рминистр лхаҭыԥуаҩ Ҭамар Габуниа.

Қырҭтәылa импыҵaхaлоу aтерриториaқәa рҟынтә ихҵәоу aуaaҧсыреи, aџьеи, aгәaбзиaреи, aсоциaлтә хьчaреи рминистрра аинформациа ала,  PfaizerBioNTech ала абустердоза аҟаҵара ҟалоит аҩбатәи адоза ашьҭахь хымз анҵлак. Абустердоза рхы иадырхәар рылшоит уаанӡа атәылауаҩы изҟарҵахьаз алаҵа ма даҽа алаҵа. Covid-19 азы алаҵақәа “Синофармгьы” “Синовакгьы” ззыҟарҵахьоу атәылауаа абусҭердоза аҟаҵара рылшоит аҩбатәи адоза ашьҭахь хымз анҵлак.