Қырҭтәыла ахада, Коба Давиҭашвили иҧсрашьҭахь Аҳаҭырқәҵара аорден ианалшьеит
Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Коба Давиҭашвили иҧсрашьҭахь Аҳаҭырқәҵара аорден ианалшьеит.
Ари атәы иануп атәыла ахада Facebook лдаҟьаҿы.
«Иахьа, абҵара 7 рзы, Қырҭтәыла ахада, ақырҭуа жәлар рыхьӡала, Коба Давиҭашвили иахь илымоу аҭабуреи аҳаҭырқәҵареи аалырҧшит, избанзар иара 2007 шықәса абҵара 7 рзы иҟалаз ахҭысқәа дрылаӡит, игәабзиареи иҧсҭазаареи атәыла аҧеиҧши аиашареи азықәҧара иазикит!», — иануп атәыла ахада Facebook лдаҟьаҿы.