Қырҭтәыла ахада ахәыҷтәы ҩнқәеи зықәрахь инеихьоу рыҩнқәеи рҿы инхо ауааҧсыра ахаатқәеи апҭекатә аалыҵи афатәаалыҵи рзы аваучерқәеи рзылшьҭит

 

Қырҭтәыла ахада ахәыҷтәы ҩнқәеи зықәрахь инеихьоу рыҩнқәеи рҿы инхо ауааҧсыра иааиуа Ашықәс Ҿыц рыдныҳәаланы, аныҳәатә ҳамҭақәа рзылшьҭит.

Қырҭтәыла ахада лпрессмаҵзура адыррақәа рыла,  иара убас, 100 лари рыхә  апҭекатә аалыҵи 100  лари рыхә афатәаалыҵи рзы аваучерқәеи роуит Иашвили иклиника аонкогематологиа аҟәша иҭоу 47ҩык апациентцәеи Абер Андриа ихьӡ зху агәыҳалалратә фонд 45ҩык ахархәаҩцәеи.