Қырҭтәыла ахада апарламент аусура аҽалархәра иазкны «Амилаҭтә ҵысра» аӡбара дазыразуп
Қырҭтәыла ахада апарламент аусура аҽалархәра иазкны «Амилаҭтә ҵысра» ахаҭарнакцәа ирыдыркылаз аӡбара дазыразуп, — ари атәы иануп Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили иҟалҵаз аҳәамҭаҿы.
«Аполитикатә партиқәа зегьы рхатә алхыҩцәа ргәазыҳәара нарыгӡароуп, алхрақәа рыла ироуз агәрагареи амандати рхы иадырәхароуп, уи адемократиатә процесс азы зда ҧсыхәа иҟам ҭагылазаашьоуп.
Аполиаризациа аиҵатәра амзызла атәыла ахада иаҧшьалгаз апроцесс азгьы апарламент аҿы адебатқәеи, адиалоги, адискуссиақәеи рымҩаҧгаразы ақәыҧшылара аҧҵатәуп. Абри ауп ҳтәыла аҿиара мҩас иамоу!», — иануп Саломе Зурабишвили лҳәамҭаҿы.
«Амилаҭтә ҵысра» ахаҭарнакцәа апарламенттә боикот иаҟәыҵырц рыӡбеит. Хаҭиа Деканоиӡе ишылҳәаз ала, афракциа «Иаку амилаҭтә ҵысра» апарламентахь ихынҳәуеит ахатә усхәаҧштә ала.