Қырҭтәыла Ахада аҭыԥантәи алхрақәа жьҭаара 4 рзы рымҩаԥгаразы аусԥҟа инапы аҵаиҩит
Қырҭтәыла Ахада аҭыԥантәи алхрақәа жьҭаара 4 рзы рымҩаԥгаразы аусԥҟа инапы аҵаиҩит

Қырҭтәыла Ахада Михаил Ҟавелашвили аҭыԥантәи халанапхгараҭарахь алхрақәа 2025 шықәса жьҭаара 4 рзы рымҩаԥгаразы аусԥҟа инапы аҵаиҩит.

Атәыла ахада иадминистрациа аинформациа ала, ари ақәҵара инапы аҵаиҩит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе.

“Қырҭтәыла аконституциа 52-тәи ахәҭаҷ актәи ахәҭа “в” апункт”Ахада Аконституциеи аорганикатә закәани инырықәыршәаны Апарламент ашҟа алхрақәа азгәеиҭоит, иазԥиҵәоит, иара убасгьы аҭыԥантәи анапхгараҭаратә органқәа рахь алхрақәа”, иара убас Қырҭтәыла “Қырҭтәыла алхратә загәанеидкыла” 133-тәи ахәҭаҷ актәии аҩбатәии апунктқәа инарықәыршәаны, аҭыԥантәи халанапхгараҭарахь алхрақәа 2025 шықәса жьҭаара 4 рзы мҩаԥгахааит”, – иануп ахада иусԥҟаҿы.