Қырҭтәыла ахьыҧшымра аиҭашьақәыргылара акт аусуратә версиа ишьҭазаауеит Амилаҭтә архив аҿы
Қырҭтәыла Амилаҭтә архив аинформациа инақәыршәаны, 1991 шықәса мшаҧы 9 рзы ирыдыркылаз Қырҭтәыла ахьыҧшымра аиҭашьақәыргылара акт раҧхьатәи анапылаҩырақәа уажәшьҭарнахыс ишьҭазаауеит Қырҭтәыла Аиустициа аминистрра Амилаҭтә архив аҿы.
Ари аӡбара рыдыркылеит Қырҭтәыла Аҵарадыррақәа рмилаҭтә академиа иахьатәи аилатәараҿы.
Аҵарадыррақәа ракадемиа апрезидиум алахәылацәа инарываргыланы, аилатәара рхы аладырхәит аиустициа аминистр ихаҭыҧуаҩ Мераб Турнавеи, Аҵареи аҵарадырреи рзы аминистрра ахаҭарнакцәеи, Қырҭтәыла апарламент алахәылацәеи, егьырҭ асасцәеи.
Ауаа адокумент аҧхьаӡацтә версиа рбар рылшоит Амилаҭтә архив аҧхьаратә зал аҿы, иара убас, авеб-саит алагьы.
Аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Амилаҭтә архив.