Иахьа, лаҵара 26 рзы Қырҭтәыла Ахьыԥшымра амш азгәарҭоит.
1918 шықәсa лaҵaрa 26, aсaaҭ 17:10 рзы Амилаҭтә хеилак аӡбарала Қырҭтәылa aхьыҧшымрa рыларҳәан. Аиҳабыра рнапхгаҩыс далхын Ное Жорданиа. 1918 шықәса лаҵара 26 рзы рыдыркылеит Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә ахьыԥшымратә актю
Қырҭтәыла ахьыԥшымра азхарҵеит европатәи аәынҭқаррақәа. Хышықәса рашьҭахь Қырҭтәыла ареспублика ахьыԥшымра ацәыӡит Урыстәыла ампыҵахалара иахҟьаны.
Қырҭтәыла ахьыԥшымра аиҭашьақыргылара алшеит 70 шықәса рышьҭахь, 1991 шықәса мшаԥы 9 рзы.
Ахьыԥшымра ашҭаҿ Қырҭтәыла ахьыԥшымра амш инамаданы имҩаԥысран иҟоу ауснагӡатәқәа рзы аҽазыҟаҵара иаҿуп.
Лаҵара 26 рзы Ахьыԥшымра ашҭаҿ арратә техникеи, абџьари арратә еибыҭареи рцәыргақәҵа мҩаԥгахоит.
Қырҭтәыла ахьыԥшымра амш аҽны арратә маҵзуҩцәа аҭоуба шьҭарҵоит . Атәылахьчаратә мчқәа рсержант хада Гиорги Гогоҷури ишазгәеиҭаз ала, аҭоуба шьҭарҵоит 247-ҩык арекрутцәа.
Ахьышымра ашҭаҿ имҩаԥысуа ауснагӡатәқәа рышьҭахь, аинрал Гиорги Квинитаӡе анышә дарҭоит.
Қырҭтәыла раҧхьатәи ареспублика ар рҧыза хада, аинрал Гьаргь Квинитаӡе иҧсыбаҩ Франциантә Қырҭтәылаҟа лаҵара 22 рзы иааргеит. Қырҭтәыла аиҳабыра рыӡбара ала, Қырҭтәыла раҧхьатәи ареспублика ар рҧыза хада, аинрал Гьаргь Квинитаӡе иҧсыбаҩ Қырҭтәыла анышә иамардоит.
Лаҵара 22 инаркны, Самеба акафедралтә ныхабаа аҿы атәылауаҩратә панихида мҩаҧысуеит. Лаҵара 26 рзы — Қырҭтәыла ахьыҧшымра амш азы, Гьаргь Квинитаӡе иҧсыбаҩ Мҭаҵминда иҟоу Апантеон аҿы анышә иамардоит.
Хәылбыҽхан Закариа Ԥалиашвили ихьӡ зху аопереи абалети ртеатр аҿы аныҳәа инамаданы гала-аконцерт мҩаԥгахоит.