Қырҭтәыла авиаџьармыкьаҿ ицәырҵит Transavia France
Қырҭтәыла авиаџьармыкьаҿ ицәырҵит Transavia France

Қарҭтәи Шоҭа Русҭавели ихьӡ зху аҳаирбаӷәаза ахырхарҭала аԥырра иалагеит европатәи даҽа авиаеилахәырак. Transavia France Париж-Қарҭ-Париж ахырхарҭала еиԥырҟам ареисқәа рынагӡара мшаԥы 12 инаркны иалагоит, аҳаирплан A320  ареисқәа амчыбжь ахь ҩынтә  нанагӡоит. 

Иахьа, актәи аресила Орли аҳаирбаӷәазантә Қарҭ 168-ҩык апассаџьырцәа иаҭааит.

 Transavia France 2006 шықәсазы ишьаҭаркын, уи Air France-иголландиатәи Transavia иалоуп. Абилеҭқәа раахәара ҟалиот асаит https://www.transavia.com/accueil/fr-fr аҿы.