Қырҭтәыла атәылахьчаратә мчқәа "Европа аҭынчратә фонд" аҟынтә 12.75 млн евро ацхыраара роуеит
Қырҭтәыла атәылахьчаратә мчқәа "Европа аҭынчратә фонд" аҟынтә 12.75 млн евро ацхыраара роуеит

Қырҭтәыла атәылахьчаратә мчқәа “Европа аҭынчратә фонд” аҟынтә 12.75 млн евро  ацхырара роуеит.

Евроеидгыла адәныҟатәи усқәа рмаҵзура аланарҵәаз аинформациа ала, ари аԥарала иазыԥхьагәаҭоуп атәылахьчаратә мчқәа рылшарақәа рырӷәӷәара, акризистә ма иҷыдоу аҭагылазаашьаан аҭынчратә тәылауаа рымаҵзура.

Апаратә цхыраарала еиӷьыртәоит илеталым амедицинатәи аинџьныртәи аибыҭареи атәылауаҩратә тип змоу амобилратә активқәеи.

Евроеидгыла аинформациала, 12.75 миллион евро 36 мз рзы ишахоит. Евроеидгыла адипломатиатә маҵзура адыррақәа рыла, Қырҭтәылеи, Молдовеи, Украинеи рзы Евроеидгыла адгылоит аҭыԥантәи арбџьармчқәа рылшарақәа реиӷьтәра.

Ацхыраара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Молдова аиуеит 7 миллион евро, Украина – 31 миллион евро иаҟароу ацхыраара.