Қырҭтәыла ацәгьаура аҿагылара аеффективра аганахьала адунеиаҿ 17-тәи аҭыҧ ааннакылоит
Еврокомиссиа, апроект World Justice Project аҳәаақәа ирҭагӡаны ирмазеиз Азакән ахадара аиндекс цәырнагеит. .Азакәан ахадара аҩаӡара инақәыршәаны, Қырҭтәыла, Мрагыларатә Европеи Ацентртә Азиеи арегионаҿ актәи аҭыҧ ааннакылоит.
Аҭҵаарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, иара убас ицәырган ацәгьаура аҿагылара аеффективра адунеитә реитинг, уи аҿы Қырҭтәыла, 100-баллтәи асистемала 92% аиун, адунеиаҿ 17-тәи аҭыҧ ааннакылеит. Қырҭтәыла Евроеидгылеи НАТОи ирылоу 23 ҳәынҭқаррақәа раҧхьа игылоуп, урҭ иреиуп: Германтәыла, Италиа, Франциа, Британиа Ду, Америка, Канада, Испаниа, Бельгиа, Ирландиа, Португалиа, Литва, Латвиа, Кипр, Венгриа, Чехиа, Албаниа, Болгариа, Австралиа, Зеландиа Ҿыц, Аладатәи Кореиа, Бырзентәыла, Словакиа, Мальта, Аҩадатәи Македониа, Ҭырқәтәыла.
Еврокомиссиа ицәырнагаз аҭҵаарақәа мҩаҧнагоит World Justice Project, уи аштаб-уада Америка иҟоуп.