Қырҭтәыла апрокуратура "Мҭавари архи" иазку аҳәамҭа аланарҵәеит
Қырҭтәыла апрокуратура "Мҭавари архи" иазку аҳәамҭа аланарҵәеит

Қырҭтәыла апрокуратура “Мҭавари архи” иазку аҳәамҭа аланарҵәеит.

Аусԥшааратә маҵзура аинформациа ала, аӡбаҩ изыӡба шьаҭас аҭаны, Қырҭтәыла апрокуратура хада  аканал адиректор Гьаргь Қурдаӡе ишшыԥхьыӡ инақәыршәаны иалагаз аусԥшаара аҳәаақәа ирҭагӡаны, ателееилахәыра “Мҭавари архи”  афинанстә документациа аарԥшра иазку аҳәара ҟанаҵеит.

“Азыӡба “Мҭавари архи” азинмчы змоу ахаҭарнакцәа аофициалла рыҭан, адокументациа аарԥшразы аҿҳәара рзышьақәыргылан.

Қырҭтәыла апрокуратура аилахәыраҿ азинмчы цәгьашақә ахархәареи, аиуристтә хаҿы итәыз аԥара гәҭакылатәи аӷьычреи, закәандаралатәи ақьарқәа рлегализациеи рфакт азы аусԥшаара хацнаркит.

Қырҭтәыла апрокуратура аусԥшаара шымҩаԥысуа атәы ауааԥсыра дыррақәа рнаҭоит”, – иануп аинформациа аҿы.