Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Шәамахьтәыла  аҧыза-министр иаппарат анапхгаҩы диҧылеит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Шәамахьтәыла  аҧыза-министр иаппарат анапхгаҩы диҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Шәамахьтәылатәи ареспублика аҧыза-министр иаппарат анапхгаҩы Араик Ҳаруҭиуниан диҧылеит.

Аиҿцәажәараан ҩ-ганктәи аусеицура иаҵанакәа азҵаарақәа ирылацәажәеит. Ишазгәаҭаз ала,  астратегиатә зҵаарақәа ирызку, зыҩаӡара ҳараку адиалог Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи мацара ракәымкәа, арегион зегьы  хырҳагара азаанагоит.

Арегионаҿ аҭынчреи аҭышәынтәалареи аиқәыршәара ахымҧадара ианалацәажәоз, аҧыза-министр иаҵшьны иазгәеиҭеит Қырҭтәыла, арегионаҿ аҭынчреи аҭышәынтәалареи аиқәыршәара иацхрааша, иарбанзаалак аконструктивтә процесс ишадгыло.

Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аиҧылараҿы хшыҩзышьҭра рызун 2 тәылак реиҩызаратәи реигәыларатәи еизыҟазаашьақәа.