Қырҭтәыла апарламенттә делегациа Лондон, Агеостратегиатә хеилак аишәа гежь рхы аладырхәит
Қырҭтәыла апарламенттә делегациа Британиа Ду рвизит нарыгӡоит. Ақырҭуа депутатцәа Агеостратегиатә хеилак аишәа гежь рхы аладырхәит, уаҟа арегион аҿы аҭагылазаашьеи ҩ-тәылак русеицура арҭбаареи иалацәажәон.
«Аиҧылараҿы британиатәи аекспертцәеи ҳареи ахыхьчареи ашәарҭадареи азҵаарақәа ҳрылацәажәеит. Украинеи арегиони рҿы аҭагылазаашьеи Амшын еиқәа аперспективақәеи ҳрылацәажәеит. Иара убас, Британиа Дуи Қырҭтәылеи русеицура арҭбаара азҵаара ҳазааҭгылеит. Иҳауз абжьагарақәа Қырҭтәыла аиҳабыра идҳардыруеит, ҳусураҿгьы арҭ абжьагарақәа иазҧхьагәаҳҭоит», — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент аҿы иҟоу адәныҟатәи еизыҟазаашьақәа рзы акомитет ахантәаҩы актәи ихаҭыҧуаҩ Гьаргь Хелашвили.
Аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла апарламент апресс-маҵзура.