Қырҭтәыла апарламент ахыбраҿ ашәарҭадара аҩаӡара "ҟаԥшь" амч амазаауеит
Абҵара 29 инаркны Қырҭтәыла апарламент ахыбраҿ ашәарҭадара аҩаӡара “ҟаԥшь” амч амазаауеит.
Апарламент апрессмаҵзура аинформациа ала, “аҩаӡара ҟаԥшь” аан Қырҭтәыла апарламент аҩналара аӡәгьы илшом. Ахыбрашҟа инарышьҭуеит апарламент аппарат аиҳабы азин зииҭо ашәарҭа аспецификеи уи аԥыҟәҟәаареи ирышьашәалоу ахаҿқәа.
“Қырҭтәыла апарламент ахан ашәарҭадара арӷәӷәара иазку аҵас ашьақәырӷәӷәара иазку” Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы 2023 шықәса цәыббра 4 рзы ишьақәирӷәӷәаз N1/259/23 адҵа инақәыршәаны, абҵара 29 инаркны Қырҭтәыла апарламент ахыбраҿ ашәарҭадара аҩаӡара “ҟаԥшь” амч амазаауеит “, – иануп аҳәамҭаҿы.