Қырҭтәыла,  анефҭ аарҧшреи аҵхреи аусхкы аҿы аусура иалагоит жәларбжьаратәи аинвестор ҿыц, америкатә еилахәыра  Aspect Georgia LLC
Қырҭтәыла,  анефҭ аарҧшреи аҵхреи аусхкы аҿы аусура иалагоит жәларбжьаратәи аинвестор ҿыц, америкатә еилахәыра  Aspect Georgia LLC

«Қырҭтәыла,  анефҭ аарҧшреи аҵхреи аусхкы аҿы аусура иалагоит жәларбжьаратәи аинвестор ҿыц, америкатә еилахәыра  Aspect Georgia LLC. Ари аилахәыра зыӡбахәы ҳәоу аусурақәа ирыланаҵоит  70 миллион адоллар», — ари атәы аарыцҳаит Қырҭтәыла Аекономикеи иҭышәынәталоу аҿиареи рзы аминистрра аҟынтәи.

Аминистрра адыррақәа рыла, ари аилахәыра Мрагыларатә Қырҭтәыла аусурақәа мҩаҧызго агәыҧ ирыцлоит.

Aspect Georgia LLC   3 еилахәырак — Georgia Oil and Gas Limited-и, «Қырҭтәыла анефҭгазтә корпорациеи»,   GOG SLADS Limited-и еицынарыгӡо апроект аҿы ахәҭа аиуеит.  Адгьылҭыҧ XIQ  аҿы аалыҵ аизшара иазку аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит  2021 шықәса ҧхынҷкәын 23 рзы, Анефҭи агази рзы аҳәынҭқарратә корпорациа имҩаҧнагаз атендер ашьаҭала.

Аиқәшаҳаҭра иалагалаз аҧсахрақәа рнапы рыҵарҩит Georgia Oil and Gas Limited-и, «Қырҭтәыла анефҭгазтә корпорациеи»,   GOG SLADS Limited-и, иара убас, аинвестор ҿыц  — Aspect Georgia LLC-и. Анапаҵаҩра ацеремониа лхы алалырхәит Қырҭтәыла аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр ихаҭыҧуаҩ Инга Ҧхалаӡе.

Aspect Georgia LLC  ашәҟәы иҭаҩуп Колорадо аштатаҿ  (ИАШ). Ари аилахәыра Америкеи, Ацентртә Европеи, Латинтәи Америкеи, Ааигәатә Мрагылареи рҿы аус ауеит.