Қырҭтәыла амилаҭтә банки  Китаи абанк хадеи аусеицура иазку амеморандум рнапқәа аҵарҩит
Қырҭтәыла амилаҭтә банки Китаи абанк хадеи аусеицура иазку амеморандум рнапқәа аҵарҩит

Қырҭтәыла амилаҭтә банки Китаи абанк хадеи ҩганкалатәи аусеицура иазку амеморандум рнапқәа аҵарҩит, – аанацҳаит Қырҭтәыла Амилаҭтә банк.

Аиқәшаҳаҭра рнапқәа аҵарҩит Қырҭтәыла амилаҭтә банк ахада Наҭиа Ҭурнавеи Китаи абанк хада ахада Пан Гонгшенги.

Амеморандум ала иазыԥхьагәаҭоуп адунеи афинанстә уадаҩрақәа рыҿагылареи, ахәаахәҭратә еизыҟазаашьақәа рырҭбаареи рзы аусеицура.