Қырҭтәыла Актәи аканал даҭааит Лиетува ацҳаражәҳәаҩ Андриус Калиндра
Қырҭтәыла Актәи аканал даҭааит Лиетува ацҳаражәҳәаҩ Андриус Калиндра

Қырҭтәыла Актәи аканал даҭааит Лиетува ацҳаражәҳәаҩ Андриус Калиндра. Ацҳаражәҳәаҩ Қырҭтәыла Актәи аканал адиректор хада Ҭинаҭин Берӡенишвили дылԥылеит.

Лиетува ацҳаражәҳәаҩ Қырҭтәыла Актәи аканал ажәабжь ҿыцқәа рыҟәша даҭааит.

Ҭинаҭин Берӡенишвили лажәақәа рыла, Қырҭтәыла Актәи аканал афункциа хада нанагӡоит ҩтәылак рыбжьара иҟоу еизыҟазаашьақәа рырҵаулара аус аҿы.

«Адырраҭара ароли, афункциақәеи, аҵаки ҳрыхцәажәеит. Ажьырныҳәа 13 рзы 1991 шықәсазы аҭыԥ змаз ахҭысқәа Лиетува азы аҵак ду рымоуп.  Қырҭтәыла Актәи аканал ари амш инамаданы иҷыдоу адырраҭарақәа ҳармазеиуеит. Апланқәа ирылоуп акультуратә уснагӡатәқәа рацәаны рымҩаԥгара. Лиетува Қырҭтәылазы астратегиатә партниоруп, иҳадгылотәылоуп. Қырҭтәыла Актәи аканал  аусуҩцәа ҳтәылақәа ирыбжьоу еизыҟазаашьақәа, акультуратә хырхарҭа арҭбааразы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит,» – илҳәеит Ҭинаҭин Берӡенишвили.

Лиетува ацҳаражәҳәаҩ иажәақәа рыла, аиԥылараҿ ҩтәылак реизыҟазаашьақәа ирызку азҵарақәа ирыхәаԥшит.