Қырҭтәыла акоронавирус амшала иԥсит 29-ҩык
Қырҭтәыла акоронавирус амшала иԥсит 29-ҩык

Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Қырҭтәыла акоронавирус амшала иҧсит 29-ҩык апациентцәа, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 9 221 -ҩык.

Ари аинформациа аланарҵәеит Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр.

Иасыз уахи-ҽни рыла Қырҭтәыла акоронавирус  2 844  афакт ҿыцқәа аарҧшуп,  814-ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит.