Қырҭтәыла Акоммуникациақәа рзы акомиссиа Қырҭтәылаҿ аинтернет Starlink ахархәара иазкны аинформациа аланарҵәеит
Қырҭтәыла Акоммуникациақәа рзы акомиссиа Қырҭтәылаҿ аинтернет Starlink ахархәара иазкны аинформациа аланарҵәеит

SpaceX   Қырҭтәылаҿ еиқәнаршәоит  амҩанызатә системақәа «Starlink»  рыла зыласра дуу аинтернет ахархәара.

Акомиссиа адыррала, Илон Маск исистема  Starlink авторизациа аиуит  2022 шықәса ҧхынгәы азы.

«Starlink —  адунеиаҿ ацәаҳәаҭбаатә интернет ахархәара еиқәзыршәо иреиҕьу амҩанызатә системоуп. Ари асистема абзоурала, аинтернет ахархәара аганахьала ауадаҩрақәа ахьыҟоу, мамзаргьы зынӡаск аинтернет ахьыҟам ашьхаҳаракыратә раионқәа ирықәынхо ауааҧсырагьы уажәшьҭа аинтернет ахархәара рылшоит.

Асистема  Starlink ашьхаҳаракыратә регионқәа рзы аҵакы ҷыда амоуп», —  иануп аинформациаҿы.