Қырҭтәыла Акаталикос-Патриарх Илиа Аҩбатәи Сиони аныхабааҿы анышә дамардеит [афото]
Қырҭтәыла Акаталикос-Патриарх Илиа Аҩбатәи Сиони аныхабааҿы анышә дамардеит.
Иахьа шьыжь инаркны, Самеба акафедралтә ныхабааҿы Қырҭтәыла Акаталикос-Патриарх иҧсыжратә церемониа мҩаҧысуан.
Асааҭ 12:15 рзы Адунеи Апатриарх Варфоломеи I Қырҭтәыла Апатриарх Илиа II ихаҧхьара ақьабз мҩаҧигеит.
Ацеремониа рхы аладырхәит еиуеиҧшым аделегациақәа.
Қырҭтәыла Акаталикос-Патриарх Илии II Самеба ауахәамантә ддәылыргеит асааҭ 15:00 рзы, анеҩс, Сиони аныхабаашҟа шьапыла аныҟәара иалагеит.
Илиа II иҧсыжраан Сиони аныхабаа аҩныҵҟа адоуҳаныҟәгаҩцәа мацара иҟан.
Қырҭтәыла Акаталикос-Патриарх Илиа II, 93 шықәса дшырҭагылаз, хәажәкыра 17 рзы иҧсҭазаара далҵит.









