Қырҭтәыла аихамҩа Баҭым ахырхарҭала иацҵаны ареисқәа мҩаҧнагоит
Қырҭтәыла аихамҩа Баҭым ахырхарҭала иацҵаны ареисқәа мҩаҧнагоит

Ҧхынгәы 1 инаркны 31-нӡа Қырҭтәыла аихамҩа Баҭым ахырхарҭала иацҵаны ареисқәа мҩаҧнагоит.

Қырҭтәыла аихамҩа адыррала,  Қарҭынтә Баҭымҟа адәыҕба дәықәлоит асааҭ  06:30 рзы, Баҭымынтә Қарҭҟа  —  асааҭ  14:30 рзы.

«Абилеҭқәа раахәара ҟалоит ҳсаит аҿы: https://ticket.railway.ge/

Иара убас, ашәара лас аппаратқәа рыла, Қырҭтәыла аихамҩа акассақәа рҿы», —  иануп  Қырҭтәыла аихамҩа адырраҿы.