"Қырҭтәыла аихамҩа" – Аихамҩатә цыҧҵәаха  Дидубе-Авҷала аҿы иҟалаз ахҭыс амшала аихамҩа ҩыџьа аусзуҩцәа ҭахеит
"Қырҭтәыла аихамҩа" – Аихамҩатә цыҧҵәаха  Дидубе-Авҷала аҿы иҟалаз ахҭыс амшала аихамҩа ҩыџьа аусзуҩцәа ҭахеит

«Қырҭтәыла аихамҩа» адыррала, аихамҩатә цыҧҵәаха  Дидубе-Авҷала аҿы иҟалаз ахҭыс амшала аихамҩа ҩыџьа аусзуҩцәа ҭахеит, дара аплантә усурақәа мҩаҧыргон.

Баҭым-Қарҭ ахырхарҭала ицоз адәыҕба аанкылоуп, апассаџьырцәа акгьы рмыхьит.

«Зыӡбахәы ҳәоу афакт иадҳәаланы аусеилыргара амҩаҧысуеит, амашәыр ахьыҟалаз аҭыҧаҿ аусеилыргаратә уснагӡатәқәа мҩаҧысуеит, убри ашьҭахь, адәыҕба Баҭым-Қарҭ  «Қарҭ-Централ» ашҟа идәықәырҵоит.

«Қырҭтәыла аихамҩа» анапхгареи аусзуҩцәеи иҟалаз афакт даараӡа ргәы иалсит, дара иҭахаз аусзуҩцәа рҭаацәарақәа ирыдашшылоит», — иануп  «Қырҭтәыла аихамҩа» аҳәамҭаҿы.