Қырҭтәыла Аиустициа аминистрра – Европа Ахеилак аминистрцәа ркомитет адепортациа ззыруа русқәа рзы абжьаратә резолиуциа ҕәҕәа аднакылеит
Қырҭтәыла Аиустициа аминистрра аинформациала, Европа Ахеилак аминистрцәа ркомитет сынтәа цәыббразы имҩаҧгаз адебатқәа раан, «Қырҭтәыла Урыстәыла иаҿагыланы» аус иахәаҧшит.
Аилатәараҿы ақырҭуа аган ахаҭарнакцәа аиҵшьны иазгәарҭеит ари аус иадҳәаланы Страсбургтәи аӡбарҭа иаднакылаз ақәҵара анагӡара аҵакы. Иара убас, ишазгәаҭаз ала, Европатәи Ахеилак аҿы Урыстәыла астатус шаанкылоугьы, ари атәыла Страсбургтәи аӡбарҭа ақәҵара анагӡара иауалуп.
Иара убас, аинформациа ишану ала, акомитет алахәылацәа, еицҿакны, Қырҭтәыла апозициа иадгылеит.
Акомитет амаӡаныҟәгара аӡбарҭа ақәҵара анагӡара иазку аҳасабырба цәырнагароуп 2022 шықәса ҧхынҷкәын азы имҩаҧысраны иҟоу аилатәараҿы.
2019 шықәса ажьырныҳәа 31 рзы Страсбургтәи аӡбарҭа иаднакылаз ақәҵара инақәыршәаны, урыстәылатәи аган, 2006 шықәсазы Урыстәылантә адепортациа зызуз ақырҭуаа акомпенсациа рыҭара амзызла, ақырҭуа аган ирзыршәароуп 10 000 000 евро.