Европа Ахеилак аминистрцәа ркомитет Урыстәылахь ааҧхьара ҟанаҵеит  2008 шықәса нанҳәатәи еибашьраан аҭыҧ змаз ихьанҭаӡоу ацәгьаурақәа рзы аусеилыргара мҩаҧыргарц
Европа Ахеилак аминистрцәа ркомитет Урыстәылахь ааҧхьара ҟанаҵеит  2008 шықәса нанҳәатәи еибашьраан аҭыҧ змаз ихьанҭаӡоу ацәгьаурақәа рзы аусеилыргара мҩаҧыргарц

Европа Ахеилак аминистрцәа ркомитет Урыстәылахь ааҧхьара ҟанаҵеит  2008 шықәса нанҳәатәи еибашьраан аҭыҧ змаз ихьанҭаӡоу ацәгьаурақәа рзы аусеилыргара мҩаҧыргарц.

Ари атәы иануп «Қырҭтәыла Урыстәыла иаҿагыланы» аус азы 2021 шықәсазы Страсбургтәи аӡбарҭа иаднакылаз ақәҵара анагӡара иадҳәаланы иҟаҵаз аҳәамҭаҿы.

Адокумент аҿы акомитет алахәылацәа агәынамӡара аадырҧшит Қырҭтәыла атәылауаа Аахыҵ Уаҧстәылеи Аҧсни рыҩнқәа рахь иахьзымхынҳәуа азы.

Акомитет аҳәара иқәнаргылеит зыӡбахәы ҳәоу арегионқәа ирхылаҧшуа Урыстәылатәи афедерациа аҩныҟа ихынҳәыр зҭаху ауааҧсыра рыхынҳәра еиқәнаршәарц.

Европатәи Ахеилак аминистрцәа ркомитет ари аус иахәаҧшуеит анеҩстәи аилатәараҿы,  2022 шықәса ҧхынҷкәын азы.