Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аинформациала, Урыстәылатәи ампыҵахаларатә мчқәа ақыҭа Ԥлависмани ааигәара закәандарала иааныркылаз Тариели Леонидеи Ҭенаӡеаа рхы иақәиҭуп
Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аинформациала, Урыстәылатәи ампыҵахаларатә мчқәа Гори амуниципалитет иаҵанакуа ақыҭа Ԥлависмани ааигәара закәандарала иааныркылаз Тариели Леонидеи Ҭенаӡеаа рхы иақәиҭуп, урҭ ацентртә напхгара изхылаҧшуа аҵакырадгьылаҿ иҟоуп.
«Тариели Леонидеи Ҭенаӡеаа рхақәиҭтәра апроцесс иалахәын Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла анаҧшратә миссиа (EUMM), иара убас, ахархәара рыман Қырҭтәыла анапхгара рнапаҿы иҟоу ахархәагақәа зегьы.
Ацентртә напхгара, жәларбжьаратәи апартниорцәа рыцырхрааны, импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы закәандарала иаанкылоу Қырҭтәыла атәылауаа рхақәиҭтәразы активла аусура нарыгӡоит», — иануп Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аҳәамҭаҿы.