Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра  - Литва ацҳаражәҳәаҩ иарҳәеит литватәи аофициалтә хаҿқәа иҟарҵо аҳәамҭақәеи акциаҿы аминистр иқәгылареи   -Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рҽалагалара шакәу
Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра  - Литва ацҳаражәҳәаҩ иарҳәеит литватәи аофициалтә хаҿқәа иҟарҵо аҳәамҭақәеи акциаҿы аминистр иқәгылареи   -Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рҽалагалара шакәу

 

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Литва ацҳаражәҳәаҩ  Андриус  Калиндра аусбарҭахь иааҧхьара иазку аинформациа аланарҵәеит.

Аҳәамҭа ишану ала,  Литва ацҳаражәҳәаҩ иарҳәеит литватәи аофициалтә хаҿқәа иҟарҵо аҳәамҭақәеи акциаҿы аминистр иқәгылареи  – Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рҽалагалара шакәу.

«Литва ацҳаражәҳәаҩ Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистррашҟа иҧхьеит Қырҭтәыла имҩаҧысуа аполиткиатә процессқәеи   «Атәым анырра аартызаара иазку» азакәани ирыдҳәаланы литватәи аган иҟарҵо аҳәамҭақәа рылацәажәаразы.

Ақырҭуа аган Литва ацҳаражәҳәаҩ иарҳәеит литватәи аофициалтә хаҿқәа иҟарҵо аҳәамҭақәеи акциаҿы аминистр иқәгылареи   – Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рҽалагалара шакәу,  абри аҩыза ахымҩаҧгашьа 2 тәылак реиҩызаратәи рпартниортәи еизыҟазаашьақәа ишрықәнагам.

Аиҧылараҿы аганқәа рхаҭарнакцәа ишырҳәаз ала,  2 тәылак реиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рынагӡара иақәгәыҕуеит», — иануп Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.