Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ҭырқәтәыла иҟалаз адгьылҵысра инамаданы, атәыла ацҳаражәҳәареи аконсулра хадақәеи рцәаҳәа ҷыдақәа рномерқәа аланарҵәеит
Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ҭырқәтәыла иҟалаз адгьылҵысра инамаданы, атәыла ацҳаражәҳәареи аконсулра хадақәеи рцәаҳәа ҷыдақәа рномерқәа аланарҵәеит

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ҭырқәтәыла иҟалаз адгьылҵысра инамаданы, атәыла ацҳаражәҳәареи аконсулра хадақәеи рцәаҳәа ҷыдақәа рномерқәа аланарҵәеит.

„Ҭырқәтәылатәи ареспрубликаҿ иҟалаз адгьылҵысра инамаданы, Ҭырқәтәыла иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәареи Сҭамԥыли Трабзони иҟоу аконсулра хадақәеи рҿы аусура хацыркит ацәаҳәа ҷыдақәа.

Ҭырқәтәыла иҟоу Қырҭтәыла атәылауаа ацҳаражәҳәареи аконсулрақәеи рахь иасыр ирылшоит абарҭ ател номерқәа рыла:

Анкара иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәара +905336903040; +905392208280; Сҭамԥыл иҟоу аконсулра хада +905418184400; Трабзон иҟоу аконсулра хада +905413262226″, – иануп аҳәамҭа аҿы.

Аҵыхәтәантәи дыррақәа рыла, Ҭырқәтәыла иҟалаз адгьылҵысраан иҭахеит 284-ҩык, ахәрақәа роуит 2323-ҩык. Атәыла алада-мрагыларатәи ахәҭәаҿ иҟалаз адгьылҵысра ӷәӷәа аан жәақалақьк аԥхасҭа роуит. Аҭыԥ аҿы амобилизациа рзууп аиқәырхаҩҵәа, азакәанхьчаҩцәа, ар.