Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ҭырқәтәыла, Газианҭеԥ ақалақь аҿы иҟалаз амҩатә машәыр инамаданы адашшылара ҟанаҵоит
Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ҭырқәтәыла, Газианҭеԥ ақалақь аҿы иҟалаз амҩатә машәыр инамаданы адашшылара ҟанаҵоит

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ҭырқәтәыла, Газианҭеԥ ақалақь аҿы иҟалаз амҩатә машәыр инамаданы Ҭырқәтәыла анапхгареи иҭахаз рҭаацәарақәеи рыдашшылоит.

„Иҭахаз аҭаацәарақәа рылахәылацәеи рҩыхцәеи ҳрыдашшылоит. Ахәрақәа зауз агәабзиара рзеиӷьаҳшьоит. Ари агәаҟра аан Қырҭтәыла Ҭырқәтәыла арӷьажәҩара азаҳуеит,” – иануп аҳәамҭа аҿы.

Ҭырқәтәыла, Газианҭеԥ ақалақь аҿы иҟалаз амҩатә машәыр аан 16-ҩык ҭахеит, 21-ҩык ахәрақәа роуит. Аларҵәара зауа адыррақәа рыла,  иҭахаз иреиуоуп хҩык амцарцәаҩцәеи, ԥшьҩык аҳақьымцәеи, информациатә агента аусуҩки.