Қырҭтәыла аҭыԥантәи халанапхгараҭаратә органқәа рахь алхрақәа хыркәшоуп
Қырҭтәыла аҭыԥантәи халанапхгараҭаратә органқәа рахь алхрақәа хыркәшоуп. Атәыла аҵакыраҿ асааҭ 20:00 рзы алхырҭақәа аусзура иаҟәыҵит.
Аҭыԥантәи халанапхгараҭаратә органқәа рахь алхрақәа рзы алхыҩцәа рхыԥхьаӡара 3 513 818-ҩык иаҟаран.
Атәыла зехьынџьара иаартын 3 061 алхырҭақәа, урҭ рҟынтә 2 284 алхырҭақәа рҿы абжьыҭира мҩаҧган аелектронтә формала, 777 алхырҭақәа рҿы – атрадициатә ҵасла.
Жьҭаара 4 рзы имҩаԥгаз алхрақәа ирылахәун 12 аполитикатә аидҵарақәа:
«Аконсерваторцәа Қырҭтәылазы» (3), «Аҧсадгьыли, абызшәеи, адинхаҵареи» (1), «Жәлар рымчра» (14), «Қырҭтәыла ҕәҕәа-Лело» (9), «Гахариа Қырҭтәылазы» (25), «Ақырҭуа гәахәтәы» (41), «Гирчи» (36), «Қырҭтәыла» (11), «Армарахьтәи алианс» (10), «Қырҭтәыла апатриотцәа ралианс» (8), «Қырҭтәыла акзаара» (4), «Аиаҵәақәа рпартиа» (12), «Иаку Қырҭтәыла» (5), «Зхы иақәиҭу Қырҭтәыла» (7).
АЦАК аинформациала, асааҭ 17:00 рзы иҟаз аҭагылазаашьа ала, аҭыҧантәи ахаланапхгаратә алхрақәа рҿы абжьыҭира рҽаладырхәхьеит 1 175 817-ҩык алхыҩцәа – 33.5%.