Қырҭтәыла Апатриархиа  - Ауахәама аҭааҩцәа рҭаххара иазҧхьагәаҭаны, ҧхынгәы 5 рзы Қашвеҭи аныхабаа аҿы аныҳәара мҩаҧгахоит асааҭ  13:00-и 17:00-и рзы
Қырҭтәыла Апатриархиа  - Ауахәама аҭааҩцәа рҭаххара иазҧхьагәаҭаны, ҧхынгәы 5 рзы Қашвеҭи аныхабаа аҿы аныҳәара мҩаҧгахоит асааҭ  13:00-и 17:00-и рзы

 

Ҧхынгәы 5 рзы Қашвеҭи аныхабаа аҿы аныҳәара мҩаҧгахоит  ҩынтә – асааҭ  13:00-и 17:00-и рзы. Қырҭтәыла Апатриархиаҿы ишырҳәаз ала, абри аӡбара рыдыркылеит аныҳәарашҟа инеир зҭаху ауахәама аҭааҩцәа рҭаххара иазҧхьагәаҭаны.

Қырҭтәыла  «праид» амчыбжь мҩаҧысуеит, уи хыркәшазаауеит ҧхынгәы 5 рзы.

Иацы Қырҭтәыла Апатриархиа иаланарҵәаз аҳәамҭа ишану ала, «праид ҳәа изышьҭоу ауснагӡатә хықәкык ауп иамоу  —  игыло аҿар рыхдырра ҧырхага азаазго амаҳагьара апропаганда».