Қарҭ, Аҕмашенебели имҩадуаҿ иҟоу асасааирҭа «Лиукс» аҿы хаҵак иҽҧижәарц иҽазикит. Аларҵәара зауз аинформациа ала, иара асасааирҭаҿ ауада амхны, анапытә граната ҧижәеит.
Ишдыруа ала, зыӡбахәы ҳәоу ахаҵа афинанстә проблемақәа иман. Иара ахәышәтәырҭашҟа днаргеит.