Қарҭтәи апарк  Мзиури аҿы имҩаҧгахоит Ахәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш иазку ауснагӡатәқәа
Қарҭтәи апарк  Мзиури аҿы имҩаҧгахоит Ахәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш иазку ауснагӡатәқәа

Ахәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш  инамаданы, рашәара 1 азы, Қарҭтәи апарк  Мзиури аҿы ахәыҷқәа рзы имҩаҧгахоит еиуеиҧшым агәырҿыхаратә уснагӡатәқәа. Ауснагӡатәқәа еиҿыркаауеит Қарҭ ахадараҿы иҟоу акультуреи, аҵареи, аспорти, аҿар русқәеи рзы амуниципалтә маҵзуреи Ваке араион аусмҩаҧгарҭеи.

Ауснагӡатәқәа мҩаҧысуеит еиуеиҧшым ашҭахәыҧшқәа рҿы, асааҭ  16:00 инаркны асааҭ  20:00-нӡа.

«Ахәыҷтәы студиақәа аконцерт мҩаҧыргоит, акьанџьақәа ртеатр аспектакль ддырбоит, иара убас, егьырҭ еиуеиҧшым ауснагӡатәқәагьы мҩаҧгахоит.

Ахәыҷқәа хәыҧсада ахаатәқәа рзыршоит.  Ахәыҷқәа ргәы дырҿыхуеит алакәқәа рфырхацәа», — иануп Қарҭ ахадара аҳәамҭаҿы.