Қарҭ, Аӷмашенебели имҩаду аҿы иҟоу офиск аҿы аусеилыргаратә уснагӡатәқәа мҩаԥысуеит. Азакәанхьчаҩцәа аҵакырантә амҳәын зқәырҵаз атехниа иргеит.
Азакәанхьчаҩцәа иаха иҟарҵаз аҳәамҭала, аусԥшаара иалагеит анонимтә дырра шьаҭас аҭаны, аха аофис ашәқәа иркын. Ари ашьҭахь азакәанхьчаҩцәа аиқәырхаратә маҵзура аусуҩцәа рыцхыраарала, афоис аҩналара рылшеит.
Аларҵәара зауз адыррақәа рыла, аофис аҿы қолл-центрк аус ауан.