"Амилаҭтә ҵысра" алахәыла Лаша Ԥарулава ишааицҳаз, имоу адыррақәа рыла, абизнесцентр "Атриум" аҿы қолл-центрқәа иҟазар ҟалап, ари аинформциа азакәанхьчаҩцәа рииҭеит
"Амилаҭтә ҵысра" алахәыла Лаша Ԥарулава ишааицҳаз, имоу адыррақәа рыла, абизнесцентр "Атриум" аҿы қолл-центрқәа иҟазар ҟалап, ари аинформциа азакәанхьчаҩцәа рииҭеит

“Амилаҭтә ҵысра” алахәыла Лаша Ԥарулава ишааицҳаз, имоу адыррақәа рыла, абизнесцентр “Атриум” аҿы қолл-центрқәа иҟазар ҟалап, уантә Европа атәылауаа атәанчахәқәа рыцәӷьычуан, акибержәыларақәа мҩаԥыргон.

Парулава иажәақәа рыла, аполициа аусуҩцәа адыррақәа риҭеит.

“Қырҭтәыла қолл-центрқәа рҵыхәа шыԥҵәо сақәгәыӷуеит, Қарҭ жәларбжьаратәи атрансмилаҭтә киберацәгьоура центрс иҟалеит, ари азҵааразы аусԥшаара мҩаԥгатәуп. Антикоррупциатә ҵыссра алахәылацәа жәларбжьаратәи аусԥшааратә усҳәарҭақәа рҟны аимадара ҳамоуп, урҭ иреиуп германтәылатәи, австриатәи аусԥшааҩцәа. Ари аус иахылаԥшуа рацәаҩуп, ари аус аиҿкааҩцәа анапхгараҿ ахылаԥшҩцәа рымазаргьы ҟалап. Сара исымаз адыррақәа аполициаа рысҭеит. Аусԥшаара шхацыркыз иубарҭоуп”, – иҳәеит Ԥарулава.

Аазакәанхьчаҩцәа абизнесцентр “Атриум” еимырдоит.