Қарҭ-Дели ахырхарҭала ишиашоу ареисқәа рынагӡара алагоит.
“Таи Џьорџьиа” аинформациала, Индиа идуӡӡоу авиаеилахәыра Indigo Дели-Қарҭ-Дели ахырхарҭала актәи ареис нанагӡеит.
Қарҭ аҟынтә Дели ашҟаи идәықәлеит 186-ҩык апассаџьырцәа.
Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазаҿ аофициалтә уснагӡатә мҩаԥган.
Авиаеилахәыра Indigo ареисқәа нанагӡоит мчыбжьык ахь хынтә. Индиго Индиаҿ зегь реиҳа идуӡӡоу авиаеилахәыроуп, уи 300 иреиҳаны аҳаирпланқәа амоуп, есымша 111 хырхарҭала нанагӡоит 1850 арес.