Қарҭ ахадара - Самтредиа амҩаҿ иҟалаз аԥжәара иахҟьаны нхарҭада иаанхаз ауааԥсыра аамҭала асасааирҭақәа рахь иаган
Самтредиа амҩаҿ иҟалаз аԥжәара иахҟьаны нхарҭада иаанхаз ауааԥсыра аамҭала асасааирҭақәа рахь иаган, – аарыцҳаит Қарҭ ахадара аҟынтә.
“Дидубетәи араио, Самтредиа амҩа №2 аҿы аԥжәара ҟалеит. Аҩнеихагыладу аҿы инхоит 93 ҭаацәарақәа. Заанаҵтәи адыррақәа рыла, ыҟам иҭахази ахәрақәа заузи.
Дидубетәи гамгеоба ахаҭарнакцәа аԥжәара иахҟьаны нхарҭада иаанхаз ауааԥсыра аамҭала асасааирҭақәа рахь иаргеит“, – иануп ахадара аланарҵәаз аинформациа аҿы.
Қарҭ, Самтредиа амҩаҿ иҟоу аҩнеихагыладу аҿы аԥжәара ҟалеит. Аԥжәараан акорпус еихагылақәак аԥхасҭа роуит. Қарҭтәи амцарцәара-аиқәырхаратә мчқәа рыҟәша хада аиҳабы ишааицҳаз ала, аԥжәара аԥсабаратә газ ацәцара иахҟьан.