Қарҭ ахадара - Аукраин жәлар рыцхраара иазкны иаларҵәоу аинформациа ииашам
Аукраин жәлар рыцхраара иазкны аларҵәара зауз аинформациа ииашам, уи ауаа ржьароуп изызку, — иазгәаҭоуп Қарҭ ахадара аҳәамҭаҿы.
Аҳәамҭа ишану ала, Украина имҩаҧысуа аибашьра амшала Қырҭтәылаҟа иааиз Украина атәылауаа, сынтәа ҧхынгәы 15 инаркны, ацхыраара ҳасабала, ҭаацәарак рзы 300 лари роуеит, иара убас, рыцыҧхьаӡа 45 лари роуеит. Иара убас, жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа (World Vision-и UNHCR-и) уаҩҧсык изы 235 лари иаҟароу ацхырааратә пакет аус адулара иаҿуп.
«Ауаажәларратә интерес ду иазҧхьагәаҭаны, ҳара аукраин жәлар рыцхраара иазкны уажәааны АИХ рҿы аларҵәара зауз аинформациа ҳахцәажәар ҳҭахуп. Ари аинформациа ииаашам, ауаа ржьароуп изызку.
Ишыжәдыруа ала, урыстәыла-украинатәи еибашьра ианалага раҧхьатәи амшқәа индыркны, Қарҭ ахадара апрограмма ҷыда анагӡара иалагеит — ацхырааразы иҳадҵаало аукраинаа зегьы аҳҭнықалақь асасааирҭақәа ирыҩнаҳҵоит, уааҵәҟьа рыфатә еиқәыршәоуп.
Абри апрограммазы абиуџьет аҟынтә иныхын 11 миллион лари, амза анҵәамҭанӡа ари аицҵалыҵ 14 миллион лари аҟынӡа ишьҭыҵыр ҟалап.
Қарҭ ахадара ари апрограмма анагӡара иаалагеит хәажәкыразы, нанҳәа 1 азы апрограмма хыркәшахоит.
2022 шықәса ҧхынгәы 13 рзы Қырҭтәыла аиҳабыра ирыдыркылаз ақәҵара №1254 инақәыршәаны, Украина имҩаҧысуа аибашьра амшала қырҭәтылаҟа иааиз Украина атәылауаа, сынтәа ҧхынгәы 15 инаркны, ацхыраара ҳасабала, ҭаацәарак рзы 300 лари роуеит, иара убас, рыцыҧхьаӡа 45 лари роуеит. Иара убас, жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа (World Vision-и UNHCR-и) уаҩҧсык изы 235 лари иаҟароу ацхырааратә пакет аус адулара иаҿуп.
Убри аҟынтә, 2022 шықәса ҧхынгәы 31 рзы, Қарҭ ахадара, уажәтәи апрограмма ааннакылоит», — иануп аҳәамҭаҿы.