Қарҭ ахадара аҟынтә Аҩбатәи адунеитә еибашьра аветеранцәа 600 лари иаҟароу ацхыраара роуеит, аибашьраан иҭахаз рҭаацәарақәа рылахәылацәа - 300 лари
Қарҭ ахадара аҟынтә Аҩбатәи адунеитә еибашьра аветеранцәа 600 лари иаҟароу ацхыраара роуеит, аибашьраан иҭахаз рҭаацәарақәа рылахәылацәа - 300 лари

Афашизм аҭархара амш инамаданы, Қарҭ ахадара аҟынтә Аҩбатәи адунеитә еибашьра аветеранцәа 600 лари иаҟароу ацхыраара роуеит, аибашьраан иҭахаз рҭаацәарақәа рылахәылацәа – 300 лари. Ари атәы аарыцҳаит Қарҭ ахадара аҟынтә.

Қарҭ ахадара Агәабзиарахьчареи асоциалтә цхыраареи рмаҵзура “Аибашьра аветеранцәа рыцхыраара” апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны, адыррақәа рыла, Қарҭ инхо аветеранцәа  600 лари ацхыраара рырҭеит, иара убас, Аҩбатәи адунеитә еибашьра аан аныҟәгаҩы дызцәыӡыз аҭаацәарақәагьы  300 лари ацхыраара роуит.

А цхыраара роуит Аҩбатәи адунеитә еибашьра  130-ҩык алахәылацәа.