Қарҭ ахадара ашықәсҿыцтәи аныҳәақәа рҽалархәразы акультура аусхкы ахаҭарнакцәа 400 нызқь лари рзоурышьҭуеит
Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аилатәараҿы ари атәы аалыцҳаит аекономика аминистр Наҭиа Турнава.
«Ишыҳаӡбаз ала, акультура аусхкы ахаҭарнакцәа ашықәсҿыцтәи ауснагӡатәқәа рылахәызаара рылшарц, даргьы хашәалахәк роурц азыҳәан, Қарҭ ахадара 400 нызқь лари рзоурышьҭуеит.
Ишыжәдыуа ала, Қарҭ еиуеиҧшым аныҳәатә концерттә программақәа рымҩаҧгара ҳгәы иҭоуп, ҳәарада, абри зегьы ишәарҭам арежимла имҩаҧысуеит, ахәаҧшцәа аконцертқәа зегьы ателевизорла ирыхәаҧшуеит. Аӡбара ииаша ҳадаҳкылеит ҳәа сгәы иаанагоит, уи апандемиа амшала азарал ду зауз акультура аузуҩцәа рацәа ирыхәоит», — илҳәеит Наҭиа Турнава.