Қарҭ ахадара – Ақәоура цәгьеи аҧша ҕәҕәеи амшала аҳҭнықалақьаҿ апроблемақәа ҟалеит, амҩақәеи адгьылаҵантәи аиасырҭақәеи аӡы рхыҵәеит, аҵлақәа каҳаит, афымцамҩангагақәа аҧхасҭа роуит
«Ақәоура цәгьеи аҧша ҕәҕәеи амшала аҳҭнықалақьаҿ апроблемақәа ҟалеит, амҩақәеи адгьылаҵантәи аиасырҭақәеи аӡы рхыҵәеит, аҵлақәа каҳаит, афымцамҩангагақәа аҧхасҭа роуит», — иануп Қарҭ ахадара адырраҿы.
«Қарҭ ахадара иашьашәалоу астуктурақәеи Аҷыда ҭагылазаашьақәа рзы амаҵзуреи апроблемақәа раҧыхра иалагахьеит. Қарҭ араионтә администрациақәа зегьы рнапхгаҩцәа аҭыҧаҿ иҟоуп.
Қарҭ ауааҧсыра рахь аҳәара ҟаҳҵоит аҩны идәылымҵырц. Иаҭаххар, ақалақь ахадара ацәаҳәа ҷыдахь аҭел шәасыр шәылшоит аномерла: 2 72 22 22», — иануп адырраҿы.