Қарҭ ауаҩшьра ҟалеит
Қарҭ ауаҩшьра ҟалеит

Қарҭ хаҵак иԥҳәыс дихәын, аҽшьра иҽазикит. Иҟоу адыррақәа рыла, урҭ рҩыџьагьы ахәышәтәырҭахь инаган, аха аҳақьымцәа аԥҳәыс леиқәырхара рылымшеит.

Аҳақьымцәа ахаҵа иԥсҭазаара аиқәырхара иаҿуп. Иҭагылазаашьа аниеӷьхо ашьҭахь, уи абахҭашҟа диаргоит.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациала, ашьаус хацыркуп 19-109 ахәҭаҷ ала.