Ашәҟәыи автортә зинқәеи рымш азы, Қарҭ, шықәсык аҿҳәарала, Ашҟәы адунеизегьтәи аҳҭнықалақьс иҟалеит
Қарҭ ахадара аинформациа инақәыршәаны, апроект аартра ацеремониаҿы, Қарҭ ахада Каха Калаӡе, Куала-Лумпур ахадара аделегациа рҟынтә Ашәҟәы адунеизегьтәи аҳҭнықалақь астатус игеит.
«Ашәҟәы адунеизегьтәи аҳҭнықалақь» — Иунеско апроект ауп. 2019 шықәсазы, дара, компонентқәак рыбзоурала, ҳпрограмма алырхит. Апрограмма шықәсык инагӡахоит. Аустә, арккаратә уҳәа, еиуеиҧшым ауснагӡатәқәа мҩаҧаагоит. Иаҳа ирацәаны еилызкаар зҭаху, ҳаамҭазтәи ақырҭуа литератураҿы имҩаҧысуа апроцессқәа ирызҿлымҳау, насгьы зхы ӡырызгар зҭаху ауааҧсыра ааҳарҧшуеит», — иҳәеит Каха Калаӡе.
«World Book Capital» — Иунеско Аконференциа хада аӡбара ала 2001 шықәсазы иалагаз, зымҽхак дуу проектуп. Раҧхьатәи аҳҭнықалақьс иҟан Мадрид. Ҵыҧх ашәҟәытә аҳҭнықалақьс иҟалеит Куала-Лумпур, аглобалтә пандемиа шыҟазгьы, дара қәҿиарала апроект нарыгӡеит. Апроект хықәкыс иамоуп ашәҟәқәеи ашәҟәы аҧхьареи аӡыргареи, ашәҟәытә индустриа аҿиара ацхраареи, ҳаамҭазтәи авторцәа рыдгылареи.